Бзиала шәаабеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палата асаит ахь!

Ҳаҭыр зқәу, Аԥсны атәылауаа! Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аиқәыршәареи анагӡареи амҩаԥысшьа хьаас измоу,ашәахтәшәаҩцәа иаларгало аԥара ахьнырхуа ишнырхуеи, Аконтрольтә палата аусура шымҩаԥысуеи здырырц зҭаху зегьы.Ааԥхьара шәаҳҭоит аиҿцәажәарахь! Ҳара ҳусураҿы ҳзықәныҟәо принципқәоуп ахьыԥшымра,аобиективра,азакәанра, аргамара. Ҳара иаарту азинтә ҳәынҭқрраҿ анхара аҭагылазаашьа ҳамазароуп.

  • Аконтрольтә палатазы Азакәан.

    «Аԥсны Аҳәыҭқарра Аконтрольтә палата аҳәынҭқарратә финанстә контроль аганахь ала иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнаргыло, зҿаԥхьа аҳасабырбарагьы зуалу усбарҭоуп».

       

    «Аконтрольтә палата аусураҿы ирықәныҟәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы Азакәани, егьырҭ анормотивтә зинтә актқәеи».

     

    Аконтрольтә палатазы Азакәан.

    Иаднакылеит Жәларреизара-Апарламент

     2010ш. жьҭаара 26 рзы

Аконтрольтә палатазы

«Аԥсны Аҳәыҭқарра Аконтрольтә палата аҳәынҭқарратә финанстә контроль аганахь ала иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент ишьақәнаргыло, зҿаԥхьа аҳасабырбарагьы зуалу усбарҭоуп».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 1, 1-тәи ахәҭа.

«Аконтрольтә палата афинанстә контроль мҩаԥнагоит азакәанреи, аобиективреи, ахьыԥшымреи, аргамареи рпринципқәа шьаҭас иҟаҵаны.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Азакәан ахәҭаҷ 3.

«Аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа зегьы, аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи, Амилаҭтә банки, анаплакқәеи, аусҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи, ахатәра формас ирымазаалакгьы, иара убасгьы урҭ рмаҵурауааи, Аконтрольтә палата иҟанаҵо азыҳәарақәа рыла иаарышьҭроуп Аконтрольтә палата аусура алыршаразы ихымԥадатәиу аинформациа».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Азакәан, ахәҭаҷ 13, 1-тәи ахәҭа.

«Иарбоу аусбарҭақәеи, анаплакқәеи, аусҳәарҭақәеи, аиҿкаарақәеи рмаҵурауаа, Аконтрольтә палата иҟанаҵо адҵала, ианаамҭоу ихымԥадатәиу аинформациа, ма адакументациа анашьҭра, анагара мап ацәыркыр, мамзаргьы имцу аинформациа рырҭар Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз аԥҟара инақәыршәаны аҭакԥхықәра рыдҵахоит».

«Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә палатазы» Азакәан ахәҭаҷ 13, 4-тәи ахәҭа.